Print this page

ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АКАДЕМИК ШЬОҬА САЛАҞАИА.

Ашәахьа, 08 Абҵара 2021 17:42 580

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. 89 - шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит аҧсуа фольклорист, алитературадырҩы, акритик, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, «Ахьӡ-Аҧша» аорден II аҩаӡара акавалер Шьоҭа Хьыч-иҧа Салаҟаиа.

Шьоҭа Салаҟаиа – аҧсуа гуманитартә наука иналукааша ахаҭарнак иакәын. Уи еиҿибаауан афольклорист нага, алитературадырҩы, алитературатә критик иҟыбаҩ. Уи ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп аҧсуа нарҭҵаара.

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:30