Print this page

АКХ: Ҭемыр Беииа алхрақәа зхы алазырхәыз алхыҩцәа рыбжьқәа рҟынтәи 54,6% иоуит.

Ашәахьа, 14 Цәыббра 2020 13:55 544

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2020 ш. Аҧсныпресс. Алхратә комиссиа Хада Бзыҧтәи алхырҭатә ҭыҧхада №10 ала имҩаҧгаз Жәлар реизара-Апарламент адепутат еиҭалхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа рзы адырра ҟанаҵеит. 

Бзыҧтәи алхырҭатә ҭыҧхада №10 ала Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс далхуп ҳәа иҧхьаӡоуп алхрақәа зхы алазырхәыз алхыҩцәа рыбжьқәа рҟынтәи 54,6% зауз Ҭемыр Абесаорм-иҧа Беииа.